Арадио

Логәуа Урыстәыла адгылара акциазы: Аԥсны хара агылара азин амам

Хәажәкыра 11 азы Урыстәыла адгыларазы акциа мҩаԥысит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны. Аусмҩаԥгатә далахәын аҭҵаарадырреи аҟазареи рзы атәыла ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
Sputnik
Урыстәыла Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы арратә аоперациа ҷыда мҩаԥнагоит жәабран 24 раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны Урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина арратә ҵакыратә хыбрақәа ҩнызқьи бжаки инарзынаԥшуа иқәырхит.
"Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа, Урыстәыла иахьа имҩаԥнаго аполитика ажәлар рыбжьы ақәдыргоит Аԥсны. Аашықәса ҵуеит Донбасс аиҿагылара ӷәӷәа цоижьҭеи, аиҿцәажәарақәа зегьы лҵшәадахеит, убри аҟынтәи Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа Урыстәыла ианазханаҵа, инашьҭарххны Аԥсынгьы иазханаҵеит. Ҳара ҳастратегиа акны ҳахәаԥшуазароуп, ҳполитика акоуп, Аԥсны хара агылара азин амамызт ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Логәуа.
Убасгьы иара игәаанагара иҳәеит иахьа адунеи аҟны ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьазы.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.