Арадио

Воуԥҳа аҿкчымазаразы Аҟәа аҭагылазаашьа: аҽеиқәнакит ҳҳәар ауеит

Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиталҳәеит ачымазара ҿкы аганахьала арбагақәа зеиԥшроу, алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа.
Sputnik
Аепидемиа ҵысиижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 686 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 47 668 - ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 662-ҩык.
"Иахьала ачымазара хәыҷык аҽеиқәнакит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Астационартә хәшәтәырҭахь инеиуа рхыԥхьаӡара иагхеит. Аҟәа иахьазы ишьҭоуп 27- ҩык ауаа, урҭ рахьынтә 12-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп. Аштамм "омикрон" зыхьуагьы алаҵа ҟамҵакәа иҟазар, ачымазара лаҽқәа змоу иуадаҩны ирхыргар ауеит. Ҩымчыбжьа рыҩнуҵаҟа аҭагылазаашьа анҭаҳҵаауаз ачымазара "омикрон" аштамм ауп иҟоу. Ачымазара уи аԥхьа измыхьыц ианидааԥкыло ыҟоуп егьырҭ ачымаара лаҽқәа ирыхҟьаны", - лҳәеит Воуԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.