Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ ахантәаҩы алхырҭатә ҭыԥқәа зегь шаатыз иҳәеит

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь абжьыҭарақәа ирылагеит хәажәкыра 12 асааҭ ааба рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ареспублика 35 алхырҭатә округ рҿы иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ. Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан апресс-центр аҿы имҩаԥигоз абрифинг аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит алхырҭатә ҭыԥқәа зегь шаатыз ашьыжь, асааҭ ааба рзы.
"Аҳәара ҟаҳҵоит ауаа ргәабзиара ԥырхага амоурц азы асоциалтә дистанциа азгәашәҭаларц", - иҳәеит иара.
Маршьан иазгәеиҭеит абжьыҭара амҩаԥысшьа ишашьклаԥшуа Урыстәыла, Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугансктәи Жәлар Рреспублика аҟынтәи анаԥшцәа.
АКХ ахантәаҩы иажәақәа рыла, зегь раасҭа еиҳау округуп Гагратәи ажәахатәи аокруг – 7000-ҩык алхыҩцәа ыҟоуп. Зегьы иреиҵоуп Галтәи 35-тәи аокруг – 1300-ҩык ыҟоуп.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит
Апарламент ахь алхрақәа ирылахәуп 123 кандидат: 107-ҩык ахацәеи 16-ҩык аҳәсеи.
Бжьаратәла ҭыԥк аҿы хҩык ықәгылоуп. Иреиҵбаӡоу 25 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабӡоу - 75.