Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ: Апарламент ахь алхрақәа рымш аҽны алашара арцәара аамҭеихшара аԥыхуп

Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит 35 округ рҿы иаарту 152 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа.Апарламент ахь алхрақәа рымш аҽны алашара арцәара аамҭеихшара аԥыхуп, абри атәы иҳәеит Алхратә комиссиа ахантәаҩы Дмитри Маршьан имҩаԥигаз абрифинг аҿы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит
Жәабран 7 инаркны Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәреи Урыстәылантәи иаауа афымцамчхара амаҷреи ирыхҟьаны афымца анашьҭразы аԥкрақәа алагалан.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа Урыстәылантәи афымца аиуа иалагеит, мрагыларатәи ахәҭа - Аӡхыҽҽатә ГЕС-1 аҟынтәи алашара аиуеит.