Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

"Амшынеиқәафымцамч" алхрақәа рыҽны алашара арцәара аграфик аӡбахә рҳәеит

Уаанӡа Аԥсны АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан алаҳәара ҟаиҵеит алхрақәа рыҽны алашара арцәара аграфик аанкылахоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" аҿы алхрақәа рыҽны алашара арцәара аграфик аанкылахоит абыжьқәа рыԥхьаӡараан ҳәа азгәанаҭеит.
Апарламент ахь абжьыҭара мҩаԥысуеит 35 округ рҿы иаарту 152 алхырҭатә ҭыԥ рҿы. Алхырҭатә ҭыԥқәа хәажәкыра 12 асааҭ 08:00 азы иаадыртит, иаркхоит асааҭ 20:00 азы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ: Апарламент ахь алхрақәа рымш аҽны алашара арцәара аамҭеихшара аԥыхуп
Жәабран 7 инаркны Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәреи Урыстәылантәи иаауа афымцамчхара амаҷреи ирыхҟьаны афымца анашьҭразы аԥкрақәа алагалан.
Хәажәкыра 7 рзы ЕгрыГЕС аҟынтәи афымцалашара зауа Очамчыра, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал араионқәа рҟны иалагалаз аԥкрақәа рыхәҭак аԥыхын - ҽынла алашара дырцәалаӡом.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа Урыстәылантәи афымца аиуа иалагеит, мрагыларатәи ахәҭа - Аӡхыҽҽатә ГЕС-1 аҟынтәи алашара аиуеит.