"Ауаҩы ашәарыцара ихы азикуазар, еснагь дахьышәарыцаша аҭыԥ иԥшаауеит. Аполитика ихы азикуазар, убри еснагь дазхәыцуазароуп. Иҟоуп амассатә информациатә хархәагақәа. Адунеи аҟны, Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызкны игәаанагара икьыԥхьыр ҟалоит. Аредакциақәа иахьа шьыжьы инаркны хәлаанӡа шаҟаҩы ахҳәааҟаҵаҩцәа ирышьҭада? Убри аҟнытәи ауаҩы аполитика иҽазикырц игәы иҭазар, истуденттә ԥсҭазаара инаркны дахьыҟазаалак ихы ааирԥшлароуп", - иҳәеит Ҳашыг. Аицәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.