АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь 25 тонна агуманитартә цхыраара нанагеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.
Аидарамҩангага машьынақәа хәба ашәыр, арыцқәа, аӡы уҳәа рықәын, иара убасгьы амандарина.
Агуманитартә цхыраагӡа еизыркуан Аԥсны ауааԥсыра реиԥш Москватәи аԥсуа диаспорагьы. Атәыла аиҳабырагьы ацхыраара ҟарҵеит.
Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны ДжәР-и ЛжәР-и рҟынтәи ахҵәацәа алҵит. 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы инхоит.
Аԥсны ЛЖәР-и ДжәР-и рхьыԥшымра азханаҵеит жәабран 25 рзы. Лугансктәи ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит хәажәкыра 10 азы.