Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы, алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит 8:00 инаркны 20:00 сааҭ рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит.
Аԥсны ахы-аҵыхәа иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын асааҭ 8:00 рзы. Адепутатцәа алырхуеит 35 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҿы. Абжьыҭара хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы.

Аԥсны Апарламент адепутатрахь иқәгылоуп 123-ҩык акандидатцәа, 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса. Бжьаратәла, ҭыԥк ахь хҩык адепутатцәа ықәгылоуп. Акандидатцәа зегь реиҳа иреиҵоу 25 шықәса ихыҵуеит, зегь иреиҳабу - 75.

Алхратә ҭыԥқәа 5, 10, 14 рҟны алхрақәа рахь иқәгылоуп аӡәаӡәа.
Апарламент ахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанзаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ. Далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьыҭара иалахәыз алхыҩцәа реиҳараҩык рыбжьы зырҭаз. Алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа ишьоуп асиа иану рҟынтәи инеиз рхыԥхьаӡара 25% еиҵазар.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Алхратә комиссиа хада аҟны ирҳәеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа зегь рыла ишазхиоу
Алхратә округ аҿы ҩыџьеи ма инареиҳани ркандидатурақәа ықәгылазар, урҭ рҟынтәи аӡәгьы далхымзар аокругтә алхратә комиссиа аӡбра аднакылоит аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы еиҳа абжьы зауз акандидатцәа еиҭақәыргыланы. Аиҭабжьыҭара мҩаԥысуеит ҩымчыбжь ирхымгакәа.
Депутатс иҟалар ҟалом зус рыӡбахьоу, аҩыжәреи, арҩашьыгақәеи зыҽрыдызцало ҳәа ишьоу, апсихикатә шьақәҟьара змоу.
Абжьыҭара азин рымоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа.