Арадио

Ԥиԥиа дырзааҭгылеит Жәлар Реизарахь алхрақәа ирыдҳәалоу агәыӷрақәа ртәы

Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла Ҭемыр Ԥиԥиа арадио Sputnik аефир аҟны Жәлар Реизарахь алхрақәа рыҽны урҭ рымҩаԥысшьарзы игәаанагара иҳәеит.
Sputnik
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит иахьа хәажәкыра 12 рзы, абжьыҭара еиҿкаауп 35 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны. Алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык - ҳәсоуп. 5-тәи, 10-тәи, 14-тәи алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа аӡәаӡәа ықәгылоуп. Абыжьбатәи Апарламент ҿыц иааиуа хәышықәса ареспублика азакәанԥҵаратә политика шьақәныргылоит. Алхрақәа рҟны даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.
Аицәажәара аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.