Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Валери Кәарҷиа Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рҟны ибжьы аиҭеит

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны хәажәкыра 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны еиҿкаау алхырҭатә ҭыԥ аҟны ибжьы аиҭеит.
"Суал нагӡаны сусқәа срылагоит азы сгәалаҟазаара бзиоуп, сгәы ҭынчхоит. Уажәазы знапынҵақәа шьҭазҵо адепутатцәа, ҳаргәаԥха-ҳаргәамԥха, ҳус наҳагӡеит. Иааиуа Апарламент иҵегь агәаӷьра рыманы, дыррала еибыҭаны иҟалааит, уи сара хаҭала сақәгәыӷуеит. Сус хада аҵарадырра ауп, уахь схынҳәуеит, сызхьымӡаз сҽахьысыгӡоит, уи ауп сара агәахәарагьы сызҭо", - иҳәеит Валери Кәарҷиа.
Аԥсны Апарламент адепутатрахь иқәгылоуп 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык - ҳәсоуп. Бжьаратәла, ҭыԥк ахь хҩык адепутатцәа ықәгылоуп. Акандидатцәа зегьы иреиҵбу 25 шықәса ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу - 75.
Алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рылаҳәаразы абрифинг мҩаԥгахоит хәажәкыра 13 асааҭ 12:00 рзы Аԥсны алхратә комиссиа хада апресс-центр аҿы.
Асиақәа ирнуп 130-нызқьҩык алхыҩцәа. Алхратә ҭыԥқәа 5, 10, 14 рҟны алхрақәа рахь иқәгылоуп аӡәаӡәа.
Апарламент ахь далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьыҭара иалахәыз алхыҩцәа реиҳараҩык рыбжьы зырҭаз. Алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа ишьоуп асиа иану рҟынтәи инеиз рхыԥхьаӡара 25% еиҵазар.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аслан Бжьаниа Жәлар Реизарахь алхрақәа раан ибжьы аиҭеит