Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Аҟәа амца дырцәеит

Аԥсны аҩнқәеи ауадақәеи рыҟны амцакрақәа аиҳарак изыхьҟьо афымцацәаҳәақәа ахьажәуи уи иаиуа ақәыӷәӷәара хьанҭеи роуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Аҟәа ақалақь Мушьни Хәарцкьиа имҩаду аҟны ахатәы ҩны амца акит хәажәкыра 13 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҟны ишырҳәо ала, амцакра ҟалеит аҩны иаҿаԥшьу асасааирҭа аҟны.

Аҷаԥшьарҭахь асааҭ 12:29 азы адырра анроу, иаразнак абылра ахьыҟалаз аҭыԥахь инеит Аҟәатәи амцарцәаратә машьынақәа ҩбеи аиқәырхаҩцәеи.

Аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи ирыбзоураны амца ырцәан, аӡәгьы ааиха имоуӡеит.
Аԥсны
Гагра ахатәы ҩны блит