АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Гагра ақалақь Барцыц имҩаду аҟны, ҩбаны еихагылоу ахатәы ҩны блит асабша хәажәкыра 12 азы хәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аҷаԥшьарахь асааҭ 14:07 азы адырра аныҟала иаразнак абылра ахьыҟалаз аҭыԥахь инеит Гагратәи амцарцәаратә машьынақәа хԥа.
Амцарцәаҩцәа аҭыԥаҿ ианнеи аҩны амцабз ахыҵәахьан, амцарцәаҩцәа ирылшоз зегь шыҟарҵазгьы аҩны зегь блит. Абылраан аӡәгьы машәыр имыхьӡеит.