Хәажәкырамза иаанагаз ахьҭақәа афымцалашара анырра анаҭеит иҳәеит Ҷыҭанаа аиҿцәажәараан.
"Ахьҭақәа ӷәӷәахеит, асгьы ахьауз ыҟоуп, ақәыӷәӷәарақәагьы иаразнак еизҳаит. Алхрақәа ахьымҩаԥысуаз аҟынтә аҿыхрақәа раанкылара хықәкыс иҳаман, аха афымцеихшарҭа дуқәа, араион еиԥҟьарада афымцалашарала еиқәзыршәо, ҳмырцәар ада ԥсыхәа ыҟамызт. Урҭ ироуаз ақәыӷәӷәарақәа рзычҳауамызт. Уи адагьы иҟан аиԥҟьарақәа, аха урҭ излауаз ала иаразнак иаԥыхын", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.
Амшынеиқәафымцамч Аҟәа араион афилиал аиҳабы иара убас еиҭеиҳәеит Ԥсҳәы ақыҭауаа афымцалашаразы рҭагалазаашьа атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.