Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Коӷониаԥҳа алхрақәа актәи рыхәҭа алҵшәақәа ртәы

Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа Жәлар Реизарахь алхрақәа рылҵшәақәеи абжьыҭара амҩаԥысшьеи рзы иҟалҵаз алкаақәа ртәы дырзааҭгылеит арадио аефир аҟны.
Sputnik
Алхрақәеи урҭ рылҵшәақәеи. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа актәи рыхәҭа хыркәшоуп, 35-ҩык рҟынтәи 17-ҩык адепутатцәа алхуп. Алхрақәа еиуеиԥшым агәаанагарақәа, ацәаныррақәа рызцәырнагоит ауаа. Ажурналистцәа урҭ ахәшьара рыҭара ҳаҭәамзаргьы, доусы алхыҩцәа рроль наҳагӡоит. Уи алшара ҳнаҭоит ҳхатәы лкаақәак рыҟаҵаразы. Абжьыҭара шымҩаԥысуа, алхыҩцәа рыбжьы иаԥсахаз зусҭцәахаз, ҳпарламент ҿыц ахаҭабзиара зеиԥшроу азы лгәаанагара лҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.