Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа Хьацҳа ааԥынтәи аусурақәа ртәы

Гал араион Хьацҳа ақыҭа ахада Коба Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит адгьыл ақәаарыхразы ақыҭаҟны имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik
Макьаназы амшқәа анхацәа ирырҭом адгьыл аус адулара иҳәеит Ҷыҭанаа.
"Ацәаӷәара макьана иаламгацт, аха араса, амандарина аилыхра ирылагахьеит. Иҟоуп араса аилыхра иалгахьоугьы. Ацәаӷәара акәзар, макьаназы амшқәа ирнаҭом. Ақыҭаҟны иҟоуп амашьына-трактортә станциаҟны аус зуа, атракторқәа ирықәтәоу. Ақыҭа анхацәа 800 ҭӡы инацны иҟоуп. Ашколқәа ҩба, ахәыҷбаҳча ыҟоуп. Аҩшколк рҟны хышәҩык рҟынӡа ыҟоуп ахәыҷқәа", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.