Аԥсны

РУСДРАМ Москватәи аныҟәарақәа ирылацәажәеит

Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Москва гастрольла иҟан хәажәкыра 9-12 рзы. Дара рныҟәара азкын атеатр 40 шықәса ахыҵра.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Москва қәҿиарала иқәгылеит ҳәа арадио Sputnik иазеиеҭиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
"Москва идҳарбаз аспектакльқәа рыхәбагьы ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысит. Ари ҳара ҳазгьы ахәаԥшҩы изгьы ныҳәоуп, иҳамҭоуп. Аспектакльқәа ҳтәыла атеатртә ҟазара аҩаӡара зеиԥшроу аадырԥшыртә ҳахәмарит", - ҳәа иҳәеит иара.
Хынҭәба иажәақәа рыла аспектакльқәа рыхәаԥшцәа иреиуан урыстәылатәи артистцәа, акритикцәа. Аспектакль "Зегьы рцасҳәа агәырӷьара" иахәаԥшыз Хьыбла Гьерзмаа илҳәеит "ари абсолиуттә театруп ҳәа".
"Ари иреиҳаӡоу ҽхәаԥхьыӡуп. Ҳара ҳтеатр амчқәа, ацәаныррақәа, абзиабара - акгьы иреигӡом", - ҳәа иҳәеит иара.
Москва, Атеатртә центр асценаҿы идырбан аспектакльқәа хәба: "Сара сакәым изызку", "Кьоџьаа рҭыӡшәа", "Ахәмарыҩ", "Ацынҵәарах", "Зегьы рцасҳәа агәырӷьара".