Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Чкотуа Аԥсныҟа иаареи, Аџьынџьтәылатәи еибашьреи иазкны

Ауаажәларратә усзуҩы, аиҭагаҩ Октаи Чкотуа иирамшуп хәажәкыра 15 азы. Аиубилиар ихатә ԥсҭазаара, Аԥсныҟа нхара ҳәа ииасра атәы, аибашьреи аҭынчԥсҭазаареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит.
Sputnik
Октаи Чкотуа аиҿцәажәара хацыркуа иҳәеит, иԥсҭазаараҿы қәҿиара дуны ишыиԥхьаӡо Аԥсныҟа иаара.
"Ак еилыскаауа саналага нахыс, сыԥхыӡ иалан сыԥсадгьыл ахь ахынҳәра, уи сыԥхыӡ ахьлабҿабахаз, сара схазы қәҿиараны исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит Чкотуа.
Ауаажәларратә усзуҩы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсныҟа иаара шыҟалаз, анаҩс иԥсадгьыл ахь нхараҳәа дшыиасыз атәы. Убри аан иҳәеит, иахьа уажәраанӡа иирамш шазгәаимҭо.
"Хәажәкыра 15-16 ҳажәлар рзы трагедиа дуӡӡаны иаанхеит, ауаа алаӷырӡ анкарҭәо, уаргьы ирыцхьааугоит. Шьоукы анҵәыуа, уара узлаӷәырӷьари, уи аҩыза агәалаҟазаара смоуӡеит", - ҳәа иҳәеит Чкотуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Октаи Беқьыр-иԥа Ҷкотуа – ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. 1990 шықәса рзы Адаԥазар ақалақь аҿы еиҿкааз Кавказ ажәларқәа реиҿкаара анапхгара далахәын. 1991 шықәса рзы Ҭырқәтәыла ахореографиатә ансамбль анапхгаҩцәа дрыцны Аԥсныҟа дааит. Дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет. Уи хиркәшоит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага мышқәак рышьҭахь, нанҳәа 25 рзы Ҭырқәтәылантәи хатәгәаԥхарала иааз 33-ҩык аԥсуаа злахәыз раԥхьатәи аибашьцәа ргәыԥ дацны дааит Гәдоуҭа. 1994 шықәса инаркны аус иуан арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿы. 1996 шықәсазы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрезидент иусбарҭаҿы еиҿкааз аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рызҵаарақәа рзы акомиссиа хантәаҩыс. 1997 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ахь депутатс далхын. 2007-2010 шықәсқәа рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата алахәылас дыҟан.