2016 шықәса рзы Аԥныҟа апутиовка ԥаршеиқәа аазхәаз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 500-ҩык инареиҳан. Усҟан уи ауадаҩрақәа аҭыԥ иқәҵан, аха азҵаара макьанагьы актуалра амоуп. Убри аан Маланиаԥҳа иазгәалҭеит, ауаҩы аҭыԥ данашьҭоу ихаҭа иҭиҵаароуп, иара идыргалоу ахьынӡаиашоу атәы. Лара еиҭалҳәеит аԥсшьаҩцәа цхыраагӡас ирымоу, урҭ аҭыԥ ииашацәҟьаны иҟоу иҟаму ҭырҵаар зларылшо.
Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит лхатә ԥышәа ари азҵаара аганахьала. Убри аан илҳәеит, амцҳәаҩцәа ишрықәҵатәу ахараԥсақәа, русура аанкыларазы.
"Аԥсуа-тур" аиҳабы лгәаанагара лҳәеит зусура закәанла иҳәаақәҵам аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа рзы иҟоу ауадаҩра аԥыхразы илбо амҩақәа ртәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы.