Арадио

Џьниаԥҳа еиҭалҳәеит аконцерт-реквием сынтәатәи аҷыдарақәа ртәы

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз имҩаԥгахоит аконцерт. Афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит уи шеиҿкаахо.
Sputnik
Раԥхьаӡа акәны агәалашәартә концерт мҩаԥган 2015 шықәса рзы. Аибашьра атема рҟазараҿы ихаданы ирзыҟалеит аԥсуа поетцәа, ашәақәа аԥызҵо амузыкантцәа, асахьаҭыхыҩцәагьы, уи азы ҳаргьы иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡеит аконцерт аиҿкаара, ҳәа лҳәеит Џьниаԥҳа.
"Есышықәса аконцерт апрограмма еиԥшӡам. Аԥснытәи амузыкантцәа рыдагьы иааҳаԥхьон нхыҵынтәи, еиҳарак Урыстәылантәи. Сынтәатәи егьырҭ иреиԥшӡам. Иара камертә ҳасабала иҟаҵоуп", - ҳәа азгәалҭеит афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы.
Аконцерт алагоит асааҭ 18:00 рзы. Аҩналара - хәыда-ԥсадоуп.