АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Урыстәыла аганахь ала Европа ахымҩаԥгашьа анҭыҵынтәи ирыҵарҳәоит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла ААР аԥшьбатәи европатәи Адепартамент адиректор Иури Пилипсон иажәақәа шьаҭас иганы.
"Аиҩызаратә ҟазшьа иацәыхароу, ирыҵаҳәоу ахымҩаԥгашьа ԥхьаҟатәи аиҿагыларақәа рахь икылыргоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа дырхәашоит, иара усгьы рацәак иманшәалам Европа агеополитика еиҵанаҟьоит. Аха ари ҳара ҳакәым иалызхыз", - ҳәа иҳәеит Пилипсон.
Адипломат иажәақәа рыла ЕААи Европеи евроатлантикатә еидгыларала рхы еидырҵоит, аха иҟоуп тәылақәак Вашингтони Бриуссели ирымҵақьақьо.
Болгариеи, Черногориеи рҟынтәи аурыс дипломатцәа рықәцара Пилипсон ҵаҵӷәык рымамызт уи зыхҟьо Мраҭашәара Урыстәыла "аҳәынҵәагәыдҭәаларатә политикоуп" ҳәа ахиҳәааит.
Украина арратә операциа иалаган жәабран 24 азы. Уи ЕААи Европа атәылақәаки рҟынтә аҿагылара ду цәырнагеит. Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭала Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда хықәкыс иамоуп Донбасс ареспубликақәа руааԥсыра рыхьчареи украинатәи арежим ақәгареи.