Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит

Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә ҟәшақәа рҽазыҟаҵаратә программа еснагь иаларгалоит ҳаамҭаз имҩаԥысуа аибашьрақәа рԥышәа шьаҭас измоу аҽазыҟаҵаратә хкқәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә ҟәшақәа Калашников иавтомат АК-74М, Макаров итапанча рыла аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанцҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аԥшыхәыҩцәа рҽазыҟаҵарақәа раан атренажиор "ауаргьала" ала абаҩырҵәыра ҷыдақәа ҟарҵон – амшынцәқәырԥа иху аӷба ма ашхәа рҟынтәи ахысра ианшьало.
Асолдаҭцәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟынтәи 25 - 100 метра набжьаны ацәҟьарақәа ириехсуан.
Уи адагьы, ақалақьи ашьхара алаԥшҳәаа ахьмаҷу аҭыԥқәеи рҿы аныҟәашьа аус адыруылон.
Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә ҟәшақәа рҽазыҟаҵаратә программа еснагь иаларгалоит ҳаамҭаз имҩаԥысуа аибашьрақәа рԥышәа шьаҭас измоу аҽазыҟаҵаратә хкқәа. Уи иабзоураны асолдаҭцәа алшара роуеит рнапы иану арраҭә хыдҵақәа иарбан ҭагылазаашьазаалак агеи ашьхеи рыҟны аусқәа нарыгӡартә аҵара.