Бжьышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны ахәшәтәырҭақәеи "Кьарази" аимадара бзиа ҳамоуп ҳәа азгәеиҭеит Аргәын аиҿцәажәараҿы. Аҳақьымцәа еснагь иҳадгылон ҳчымазаҩцәа хәыда-ԥсада ацхыраара рырҭон иҳәеит иара.
"Ҳара иаҳҭахуп ҳаимадара аофициалтә ҟазшьа амазарц, анаҩс азҵаарақәа цәырымҵырцаз. Хаҭала, иаарласны иӡбатәу азҵаара ҟалар, аминистр адгылара шҳаиҭо иҳәеит", - ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор еиҭеиҳәеит, амедициантә цхыраара зҭаху ахәшәтәырҭаҿы даннеилак дызлардыруа атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.