Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба Гагра агәабзиарачаԥарҭа аартра иазкны

Гагра араион акурорти атуризми рыҟәша аиҳабы Ахра Бганба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҟны агәабзиарачаԥарҭа аартра лшарас иаԥнаҵо атәы.
Sputnik
Гагратәи абальнеологиатә хәшәтәырҭаҿы 1960-тәи ашықәс аахыс апроцедурақәа мҩаԥыргон ахәшәтәратә ҳәынҵәеи атыҩшаӡрии рыла. Иара аусура аанкылан 2010 шықәсазы. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ҩаԥхьа аусура иалагоит агәабзиарачаԥарҭа. Уи атуристцәа ахьынӡаднаԥхьало, аҭыԥантәи ауааԥсыра ирзаԥнаҵо аусурҭа ҭыԥқәеи дрылацәажәеит Гагра араион акурорти атуризми рыҟәша аиҳабы Ахра Бганба.
Аицәажәара хыхь аудиофаил аҟны.