Аԥсны

Аԥсныҟа 2021 шықәсазы атауарқәа ралагалара амҽхак еиҵахеит 760 млн мааҭ рыла

Аԥсны адәныҟатауареикәыршара иартәеит 35 млрд 924 млн мааҭ, уи 2020 шықәса иаҿурԥшуазар, 36% рыла еиҳахеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснынтәи атауар алгара амҽхак 2021 шықәса рзы иартәеит 6 млрд 60 млн мааҭ, уи 2020 шықәса рзы иҟаз аасҭа еиҵахеит, усҟан иалган 6 млрд 841 млн мааҭ рыхә. Абри атәы Аҳазалхратә еилакы аколлегиа аилатәараҟны иҳәеит ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Иазгәаҭоуп Аԥснынтәи иалгаз атауарқәа 50% арыжәтә џьбара шакәу.
Аԥсны
Аԥсны 2021 шықәсазы аҳазалхратә шәарақәа рыплан 127% рыла инагӡоуп
Аԥсныҟа атауар аагара 2021 шықәса рзы амҽхак иартәеит 29 млрд 864 млн мааҭ.
Афатә-ажәтә тауарқәа рымҽхак 2021 шықәса рзы 50% рыла еиҳаны иаларгалеит 2020 шықәса рзы аасҭа, ԥарала иугозар, 9 млрд мааҭк инареиҳаны.
Абылтәы 3 млрд 649 млн мааҭ рыхә алагалан, 2020 шықәса рзы - 1 млрд мааҭ еиҳамкәа.