Беслан Бигәаа игәҭакала, 30 цыра апальмақәа Очамчыраҟа иааган Ҭырқәтәылантәи ҳәа иҳәеит Габелаиа аиҿцәажәараҿы.
"Аҵиаа акарантин иахыжьын, игәаҭан ахәаҷа-маҷа аҟынтә. Амҩа аҟынтә аԥшра ашҽеиҭанакит, абыӷьқәа ааха рыҭан, аха аспециалистцәа ирҳәоит урҭ рыԥшра шаархәо, ауаа рыблаҿы иааиуа ишыҟало. Апальмақәа еиҭаҳауп ақалақь уахьалало. Аҵиаақәа злаахәоу абиуџьеҭ аԥарақәа рҟнытә акәӡам, ақалақь арԥшӡаразы ауаа рымчала еизгаз аҟәрышь ауп иахҭынҵаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.