Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиаԥҳа лнапы злаку аинтернет ала ахәаахәҭратә ус азы

Аинтернет ахархәарала ахәаахәҭратә ус знапы алаку Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аганахьала иалыргалаз аекономикатә ԥкрақәа ишырныԥшыз атәы еиҭалҳәеит анаплакҩы Зурида Бебиаԥҳа.
Sputnik
Аамҭа иаланагалаз аҿыцрақәа ирыхҟьаны иарку ашәқәеи амҩа ҿыцқәа рыԥшаареи рзы лшарас иҟоу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аинтернет ахархәарала ахәаахәҭратә ус знапы алаку, жәларбжьаратәи аилахәра ахаҭарнак Зурида Бебиаҳа.
Лара еиҭалҳәеит шаҟа аамҭа ҵуа аинтернет ала лбизнес шьақәгылеижьҭеи, Аԥсныҟа иарбан маҭәарқәоу иаалго, иарбан интернет даҟьақәоу лхы иалырхәо, лнапы злаку аус ишахәҭоу ишьақәгыларц, уи аанымкыларц азы иҟалҵо.
Аицәажәара инарҭбааны хыхь аудиофаил аҟны.