АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит аҩаша, хәажәкыра 22 рзы ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь Аӡыканал апресс-маҵзура.
Аӡы аанкылахоит Ешба имҩа, Колоси авокзали иахьрыҵанакуа, Адыгеиаа рымҩа, ақалақь агәи ашьхареи. Иара убас ӡыда иаанхоит аџьармыкьа, Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Алашарбага, ВИЕМ араионқәа.
Аӡоушьҭра аанкылахоит Воронов - Арӡынба, Дбар - Искандер, Искандер - Џьонуа рымҩақәеи Беигәаа имҩеи (аихамҩатә естакада) рҿы аӡымҩангагақәа аремонт ахьырзыруа азы.