Аԥсны

Адепутатцәа актәи аԥхьарала Аԥсны Аџьатә Закәанеидкылахь аԥсахрақәа шьақәдырӷәӷәеит

Аԥсны Аџьатә закәанеидкыла Жәлар Реизара - Апарламент аҟны ирыдыркылеит 2016 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Адепутатцәа актәи аԥхьарала Аԥсны Аџьатә Закәанеидкылахь аԥсахрақәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны иреиҵаӡоу мызктәи ауалафахәы шьақәнаргылоит Аминистрцәа реилазаара (8200 мааҭ). Иахьазы аус зуа Аџьатә закәанеидкыла инақәыршәаны иреиҵаӡоу мызктәи ауалафахәы ахь иаҵанакуам ашәарацҵақәа, акомпенсациатәии асоциалтәии шәарақәа, агәазыҟаҵарақәа, аԥхьахәқәа у.у.е.
Ариашарақәа рзы азакәан апроект рыдылгалеит адепутат Натали Смырԥҳа. Лара ишылҳәо ала, иреиҵаӡоу ауалафахәы аизҳара аҭыԥантәи анапхгараҭаратә усбарҭақәа рхашәалақәа ирыцнаҵоит ашәахтә ацларала.
Аԥсны
Аԥсны Апарламент Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит