АҞӘА, хәажәкыра 21– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара актәи аԥхьарала иаднакылеит "Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә цхыраара рыҭаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект" азы ақәҵара.
Азакәан аилкаара "ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа" ҳәаақәнаҵоит: усеиԥш ишьоуп хҩык ма инареиҳаны ахшара змоу аҭаацәарақәа, ирԥартәыз ма ирыԥҳартәызгьы / ма ирыԥҳаԥсоуи ирԥаԥсоуи арахь иналаҵаны.
Азакәан инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә цхыраагӡа роуеит аҭаацәа рҟынтә аӡәы, хәыҷыцыԥхьаӡа ирзыԥхьаӡаны, урҭ 18 шықәса рхыҵаанӡа ма аҵараиурҭақәа ирҭоу 23 шықәса рхыҵаанӡа. Аԥаратә шәарақәа рхышәаҵышәа шьақәнаргылоит Аминистрцәа реилазаара.
Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа аԥыжәарақәа роуеит ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа рахь рынашьҭраан, акоммуналтә шәарақәа рыҟаҵараан, аусураҭараан.
Ари аус аганахьала ашәарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны абиуџьети абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи рԥаразоужьрала.