Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Маланӡиа ашәырқәа рааӡареи уи азы ииҭаху ацхыраареи ртәы

Арасаӡыхь ақыҭан инхо Руслан Маланӡиа хкы рацәала ашәырқәа иааӡоит, уи инаҷыданы ауҭраҭыхгьы даҿуп. Иус зегьы махәҿалоуп ишеиҿкаау, аха уажәшьҭа ацхыраара иҭахуп. Арадио Sputnik аефир аҿы Руслан еиҭеиҳәеит зеиԥш цхыраароу дзаҳәо иус аизырҳаразы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.