Барганџьиа иажәақәа рыла, Гагра араион аҿы апрограмма иалахәуп фҩык анхацәа. Ус, Маҳадыр иахьаҵанакуа ахәырма аиҭаҳара аус иалагахьеит. Уи адагьы, араион аҿы апрограммала иазгәаҭоуп амандаринеи абҳәеи рааӡара аус.
Аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы иҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҿы ишазгәаҭоу ахәырмеи, арасеи, акакани раарыхра. Уи адагьы, Дәрыԥшь ақыҭан иаадыртраны иҟоуп ашәырқәа ахьдырҩало анаплак ду. Ақыҭан ашәыр зааӡо раалыҵ аҭиразы ауадаҩрақәа рымоуп аҟынтә, анаплакы аус аур, анхацәа рзы даара иманшәалахоит ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.
Аспециалист еиҭеиҳәеит ааигәа иаагаз арахә анхацәа рҿы рхы шаадырԥшыз атәы, аҭыԥантәи аҳауа ишашьцылаз. Иара убас Барганџьиа иазгәеиҭеит егьырҭ араионқәа рахь агәаҭаратә ныҟәарақәа шазгәаҭоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.