Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абитуриент ицхрааит урыстәылатәи аҵараиурҭа аҭалараҿы

ААУ азиндырратә факультет астудент Баграт Ломиа Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол аҿы аҵара иҵалоит амагистертә программа "Публичное право и публичные финансы" аҿы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи абитуриент Баграт Ломиа Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол амагистерраҿ аҵара иҵалоит. Абри аҿы ацхыраара ирҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аҿар рыдгылараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥши".
Баграт иажәақәа рыла, ари арҵаратә усҳәарҭа 2018 шықәса раахыс иидыруеит. Иҭахын абакалавриат аҭалара, аха иҭаацәаратә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны ААУ азиндырратә факультет дҭалоит.

"Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол хымԥада сҭаларц сҿаԥхьа хықәкны иқәсыргылеит ААУ саналгалак ашьҭахь. Еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа сыҽрыласырхәуан, аиндаҭларақәа рҿы саиааиуан", – иҳәоит Ломиа.

2022 шықәса жәабранмзазы Баграт Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол азиндырраз Аӡынтәи ашкол аҿы аиааира игеит. Иӡбеит амагистратурахь аԥышәарақәа иҭиирц.
Ломиа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҿар рыдгылараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥши", Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуеи, Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Диана Ԥлиаԥҳаи, ААУ азиндырратә факультет арҵаҩратә еилазаареи уи адекан Сергеи Смыри ирҭаз ацхырааразы.
Аԥсны
Аҿар адгылара рызҭо ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" "Сириус" иҭалоз аҷкәын ицхрааит
Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҿар рыдгылараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥши" рыцхыраарала 14 шықәса зхыҵуа Раффи Мкртчиан Шәачатәи ашкол "Сириус" дҭалеит.
Аҿар рыдгылараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" аԥҵан 2022 шықәса жәабранмзазы Москва.