Арадио

Гәниа: иаҳзеиқәмырхаз ҳгәы ҳдырхьуеит, аха иахьынӡаҳалшо ҳаҿуп

Аҟәа ақалақьтә инфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҿкы чымазара зманы ишьҭоу рхыԥхьаӡара шмаҷхаз.
Sputnik
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ранашьазарц ааҩык аҳақьымцәа, акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы рџьабааи азанааҭтәҟазара ҳаракы ахьаадырԥшыз ази. Аҳақьымцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Асҭамыр Гәниа – Аҟәа ақалақьтә инфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада и.н.
"Аҵыхәтәантәи 15 мшы ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара иагхеит, иахьазы 16-ҩык роуп ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоу, урҭ рахьынтә хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп. Аҵыхәтәантәи амзазы игәаҳҭеит ахәшәтәырҭахь иҭашәо зықәрахь инеихьоу шракәу. Дара ирымоуп "рхатә" чымазарақәагьы, убри аҟнытә ралхра иаҳа ицәгьоуп. Иҳацәԥсыз ҳгәы ҳдырхьуеит, аха иахьынӡаҳалшо ҳаҿуп", - иҳәеит Гәниа.
Аҳақьым иара убасгьы еиҭеиҳәеит аҿкчымазара наҟ-наҟтәи ахымҩаԥгашьазы игәаанагара атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.