Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи авиациа уахыки-ҽнаки рыла 137 арратә ргыларқәа еиладырбгеит

Украина аоперациа ҷыда иалагазар иҭархоуп 230 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа, 1,5 нызқь танк, иара убасгьы хыԥхьаӡара рацәала арратә техника.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Урыстәылатәи авиациа уахыки-ҽнаки рыла 137 арратә хыбрқәаа еиладырбгеит ҳәа иҳәеит абрифинг аҿы Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Урыстәылатәи оператив-тактикатәи арратәи авиациа уахыки-ҽнаки рыла 137 арратә хыбрақәа ааха рырҭеит. Урҭ рҟынтәи анапхгараҭаратә ҭыԥқәеи аимадаратә ҭыԥқәеи фба, ареактивтә система шьақәгылақәа ҩба, азенит -ракетатә комплексқәа ҩба, аракета-артиллериатә абџьаршьҭаҵарҭақәа ааба, арратә техника агыларҭақәа 101", - иҳәеит Конашенков.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14, "Байрактар" налаҵаны.
Конашенков иҳәеит авертолиотқәа Ка-52, Ми-28Н украинатәи атанкқәа жәба, БМПи БТРи быжьба шҭадырхаз.