Аԥсны

Акапиталтә ргылараз аусбарҭа аиҳабы Аинвестпрограмма амҩаԥысшьа далацәажәеит

Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны инарыгӡоит амҩақәа реиҭашьақәыргылара, аӡымҩангагақәеи аканализациатә ҳақәеи рышьҭаҵаразы апроектқәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан изеиҭеиҳәеит Аинвестпрограмма ауснагӡатәқәа рымҩаԥысшьа атәы.
Агрба ишиҳәаз ала, инагӡоу апроектқәа иреиуоуп: Гәымсҭа ақыҭа инаркны Аҟәанӡа аӡымҩангага ҿыцқәа ҩба (аӡыҭгагатә станциа №2) – 300 миллион мааҭ зыхҭынҵоу. Аӡымҩангагақәа ахархәарахь ирыҭоуп 2021 шықәса анҵәамҭазы.
Иахьазы аҳҭнықалақь аҿы аиҳарак ицо аусурақәа – амҩақәа реиҭашьақәыргылар ауп. Агрба иажәақәа рыла, амҩақәа каҭранла рыхҟьараҿы аихәлахара зыхҟьаз абитум аиуреи аӡымҩахгарақәеи роуп.
Агрба иҳәеит жәамш рышьҭахь Гәлиа, Џьонуа, Абазақәа рымҩақәа рҿы акаҭран ақәҵара ишалаго.
Аԥсны
Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахада Аҟәатәи амҩақәа рремонт зеиҵахаз атәы иҳәеит
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы иҳәеит ашықәс аԥхьатәи аԥшьбаразы ишхыркәшо Абӷархықә ақыҭан аӡнагара. Ӡыла еиқәыршәоуп 200 рҟынӡа ҭаацәара. Апроект ахәԥса - 34 миллион мааҭ иартәоит, абри аҩыза аусурақәа мҩаԥысуеит Жәандәрыԥшьи Мгәыӡырхәеи.
Гәдоуҭа агәаҿы аӡымҩангага ҳақәа рырҽеира иаҿуп. Аусурақәа хыркәшахоит 2022 шықәсазы. Иахьазы 31 миллион мааҭ рыхә аусурақәа мҩаԥгоуп.
Агрба иҳәеит ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Очамчыра лашарала аиқәыршәара шхацырку. Аусурақәа 2022 шықәса анҵәамҭазы ахыркәшара азгәаҭоуп, аха заанаҵы аусурақәа ирылгаргьы ҟалоит ҳәа иҳәеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы.
Ауснагӡатә 72 миллион мааҭ иаԥсоуп. Амҩаду хада аура 19 километра иҟоуп.
Аԥсны
Аинвестпрограммала 2022 шықәсазы Мыркәыла амҩаду шьақәдыргылоит
Иара убасгьы Кациқыҭ аҳаблаҿы аргылара иаҿуп ацрыҵ кьакьақәа реизакырҭа. Аусура азеиԥш хәыԥса 112 миллион итәоит. Аусурақәа ҵыԥх ирылаган. Ихыркәшахоит сынтәатәи ашықәс анҵәамҭаз.
Астанциа маҷ "Бзыбь" аиҭарҿыцра иаҿуп. Ахәԥса - 537 миллион мааҭ ыҟоуп.