Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭарба ақыҭанхамҩатә институт аҵиааӡарҭаҟны аусурақәа ртәы

Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара иацу ашәарҭарақәеи иахьазы аинститут аҵиааӡарҭаҟны имҩаԥысуа аусурақәеи дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодр Ҭарба.
Sputnik
"Абыржәы еиҭауҳауа аҵиаа рыцҳауп. Ԥыҭрак заа еиҭауҳароуп, жәабран амш бзиа аныҟоу. Аӡынра зцәымӷоу ацитрус культуроуп, уи ахатә аграномиатә ԥҟара амоуп аиҭаҳаразы. Егьи зыбӷьы каԥсо ианеиҭауҳалак ҟалоит. Иахьынӡахьҭоу аӡы алалаӡом, аԥхарра аныҟало ауп аӡы аналалао, уи алазгало адац ауп. Адац амазарц заанаҵы еиҭауҳароуп", - иҳәеит Ҭарба.
Аҵарауаҩ убасгьы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩазы шәарҭараны ииԥхьаӡо атәы.