Арадио

Гамсаниаԥҳа адепутатцәа ралхразы азакәан иалагалоу аԥсахрақәа ирызкны

Жәлар реизарахь адепутатцәа ралхразы азакәан иалагалоу аԥсахрақәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы, х-ааԥхьарак рдепутат Емма Гамсаниаԥҳа.
Sputnik
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аконституциатә закәан "Апарламент адепутатцәа ралхразы" аԥсахрақәа аланагалеит. Урҭ инарықәыршәаны депутатс далххар ҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ, аҳәынҭқарратә бызшәеи (аԥсшәа) аурысшәеи здыруа. Иааиуа апарламент асессиаҿы адепутатцәа ахәаԥшраны иҟоуп ақәратә ценз ацҵаразы аԥсахрақәа. Иахьазы алхратә закәан иагу- иабзоу, иалагалоу аиҭакрақәа хәшьарас иалҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны Жәлар реизара х-ааԥхьарак рдепутат, ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Емма Гамсаниаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны.