Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ аҟны агәыԥқәеи апартиақәеи ашәҟәы рҭагалара иалагоит хәажәкыра 25

Гәдоуҭатәи 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны Апарламент ахь аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит, депутатс аӡәгьы дахьалхымыз азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Гәдоуҭатәи 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ ала аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 14 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" Аԥсны Алхратә Комиссиа хада адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Амзартә уснагӡа инақәыршәаны акандидатцәа рықәыргылара мҩаԥысуеит хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 14 асааҭ 18:00 аҟынӡа.

Акандидатцәа адепутатрахь иҭарыҩлоит мшаԥы 14 инаркны лаҵара 4 аҟынӡа.

Акандидатцәа адепутатрахь ашәҟәы рҭагалараз АИХ рыҟны иҟалароуп ашәҟәҭагалара ашьҭахь ԥшьымш ирхымгакәа.
Опубликование в СМИ сообщения о регистрации кандидатов в депутаты должно произойти не позднее, чем на четвертый день после регистрации.
Алхрақәа рҟынӡа жәамш ирхымгакәа (лаҵара 4 аҟынӡа) алхыҩцәа адырра рыҭахоит абжьыҭара ахьыҟало аҭыԥ азы, икнаҳахоит асиақәа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Абиуллитенқәа алхра мышкы-ҩымш шрыгу ишахоит.
Абжьыҭара мҩаԥгахоит лаҵара 14 азы, алхырҭатә ҭыԥ ашә аадыртуеит ашьыжь асааҭ 8:00 азы иадыркуеит 20:00азы.
Абжьыҭараз аԥкаанҵақәа акомиссиақәа ирзынашьҭхоит лаҵара 14-15 рзы.
Иалырхыз адепутатцәа ашәҟәы рҭагалареи алхрақәа рзы адыррақәеи алхрақәа рышьҭахь бжьымш рыҩнуҵҟа имҩаԥгахоит.