Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны имҩаԥысит Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи ААУ арҵаҩцәеи астудентцәеи реиԥылара. Аиԥылара хыс иаман: "Аԥсуа бызшәа аиқәырхара атәым ҳәынҭқарраҟны инхо рзы". Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа зактуалра зцәымӡуа ахатәы бызшәа ауадаҩра ҳаԥсадгьыл аҟны иҵарны иқәгылазар, атәыла анҭыҵ еиҳагьы ашәарҭара ацуп. Абызшәа аиқәырхаразы ҳдиаспорақәа рлагалеи, русуреи, ауадаҩрақәа шырбои атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Москватәи аԥсуа диаспора ахеидкыла "Аламыс" ахаҭарнак Оҭар Ласариа.
"Абызшәақәа рацәаны рдырра малуп, ҵароуп, аха убызшәа узымдыркәа урысшәала урахә урацәажәо, уԥсаатә, улақәа урацәажәо уаналага, уи иқәыӡӡааз ҳаиҩызоуп, аубыхцәа ирыхьыз ауп иаанаго. Шәара урысшәада акгьы шәҳәом, шәыԥсадгьыл абызшәа шәыздыруам ҳәа аҽԥныҳәа ҳарҭоит атәым милаҭқәа. Абаақәа, шәбызшәа шәмырӡын ҳәа аурыс иануеиҳәо, иҟауҵо, иуфо-иужәо иалухыи?", - иҳәеит Ласариа.
Умилаҭ бзиа иубозар, уԥсадгьыл угәы азыбылуазар, ахатәы бызшәа аҟынтәи уалагозар ауп ҳәа иԥхьаӡоит Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Оҭар Ласариа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.