Аԥсны

Аԥсны мшаԥы-лаҵара амзақәа рзы аԥсшьараз иалырхуа ахырхарҭақәа ԥшьба ирылоуп

Аԥсны инадкыланы урыстәылаа аԥсшьаразы иалырхуеит Ҭырқәтәыла, Египет, Арабтәи Аемиратқәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны мшаԥы-лаҵара амзақәа рзы урыстәылаа аԥсшьараз иалырхуа ахырхарҭақәа ԥшьба ирылоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости, атурқәа рҿаҵаразы онлаин-маҵзура Travelata.ru.адыррақәа рыла.
Ара аԥыжәара аҭан Ҭырқәтәыла (66%), анаҩс Египет, Арабтәи Аемиратқәа.
Travelata.ru амаркетинг адиректор Олег Козырев игәаанагарала, 2022 шықәсазы урыстәылатәи акурортқәагьы алшара рымоуп аԥхьагылара ргарц.
Аԥсны
Урыстәылантәи Аԥсныҟа "Иаку абилеҭ" ала аара ҟалоит
"Ҳәарада, ашәарҭарақәа зегьы азгәаҭаны урыстәылаа аҭыԥантәи аԥсшьара алырхуеит. Уажәнатә иаабоит атәылаҿ зыԥсы зшьарц зҭаху рхыԥхьаӡара 30% ишыҟоу (рашәара-нанҳәа рзы иаахәоу атурқәа рыла).
Амаҵзура адыррақәа рыла, ааԥынразы аиҳараҩык жәымш ԥсшьара ҳәа иргоит. Атур бжьаратәла ахә 119 нызқь мааҭ итәоит.