Арадио

Езыгәба еиҭеиҳәеит Донбасстәи ахҵәацәа Риҵаҟа ргара шеиҿыркааз

Альфард-клуб алахәыла Алиас Езыгәба еиҭеиҳәеит Донбасстәи ахҵәацәа рзы Риҵаҟа аныҟәара хәыда-ԥсада ишеиҿыркааз.
Sputnik
Аԥсны автомашьына "Тоиота Альфард" ирықәтәоу аиҿкаара Альфард-клуб еиднакылоит. Ас еиԥш аклуб аԥҵоуижьҭеи ҩбаҟа шықәса ҵуеит. Уи алахәылацәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы инхо Донбассынтәи ахҵәацәа Риҵа ддырбарц рыӡбеит иахьа. Альфард-клуб алахәыла Алиас Езыгәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ари аусмҩаԥгатә шеиҿыркааз, ахҵәацәа ирбаз шрыдыркылаз, урҭ рзы аишәа шырхиаз, Риҵа иахьазы амш зеиԥшроу.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.