Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Медведев: Мраҭашәара абизнес ақәыӷәӷәарала Урыстәыла анапхгара анырра рзаҭом

Украинатәи аҭагылазаашьа иахҟьаны Мраҭашәаратәи атәылақәа хыԥхьаӡара рацәала асанкциақәа аларгалеит Урыстәыла аганахьала, урыстәылатәи абизнесгьы налаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Ихшыҩдароуп, иагьгаӡароуп Мраҭашәараа абизнес ақәыӷәӷәарала Урыстәыла анапхгара анырра рырҭар ахьырҭаху ҳәа иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, РИА Новости аинтервиу аҭо.

"Абизнес, ҳуаажәларра иахәҭакуп. Урҭ уажәы харада ахара рхарарҵеит. Абизнес ду аҟынтә дарбанзаалак атәыла аиҳабыра анырра рырҭар ауру? Иаартны исҳәоит – мап", - иҳәеит иара.

Медведев иҳәеит абизнеси анапхгареи русқәа шыхазу.
"Аҳәынҭқарра анапхгара атәыла зегьы аинтересқәа ирызхәыцуеит. Зхатә бызнес змоу ибизнес аинтересқәа роуп дзызхәыцуа. Убри азы урыстәылатәи абизнес ԥызкуа, уи ала анапхгара ирықәыӷәӷәар зҭаху иҟарҵо гаӡароуп", - иҳәеит Медведев.
Медведев иазгәеиҭеит Мраҭашәара арҭ аԥкрақәа рыла урыстәылаа рнапхгара ирҿадыргылар шырҭаху, аха аурысқәа аҽа уаауп, ари еиҳагьы еиднакылеит ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Урыстәыла шыҟоу иаанхарц": Владимир Путин ивидеоконференциа
"Сгәанала, асеиԥш аус ахырхарҭа азҭо ауаа зынӡаск ирыздырам ҳмилаҭтә ҟазшьа, аурыс дырзеилкаауам. Дара ирзеилкаауам ас ауаҩы ианиқәымчуа, ауаажәларра еиҳагьы рыҽшеидыркыло. Ирзеилкаауам абизнес шакәым изқәыӷәӷәо, ажәлар шракәу", - ҳәа иҳәеит Медведев.
Ақәыӷәӷәара иаҵагыло анаплакыҩцәа ракәӡам, аекономикоуп. Ари миллионла урыстәылаа рықәыӷәӷәароуп иаанаго.

"Аха, сара сгәанала, ари рзеилкааӡом. Ирзеилкааӡом иахьагьы 70, 100 шықәса раԥхьа ишырзеилымкаауаз еиԥш. Асеиԥш ауаа ркыдцалара ҭачкәымкны еилаҵәаны ишыҟанаҵо. Абри ауп асанкциақәа рзы иуашәшәыраны иҟоу", - иҳәеит иара.

Жәабран 24 рзы Украина абџьархыхразы Урыстәыла арратә операциа иалагеит. Уи аҭакс зеиԥш ҟамлац хыԥхьаӡарала асанкциақәа алагалан, абизнеси анаплакыҩцәеи рганахь алагьы.