Приморское ақыҭа ахада Алиас Габуниа аефир аҟны еиҭеиҳәеит 18 шықәса инарзыныԥшуа афымцастанциа маҷ аргыларазы ацәажәарақәа шыҟаз, ари амза анҵәамҭазы аҳәынҭқарра ахарџь ала уи аус ауртә ишыҟало. Убасгьы Габуниа иҳәеит, анхацәа афымцалашаразы уал шрықәым, аизгақәа 96-97 процент рҟынӡа шдыртәо ақыҭаҟны.
Аицәажәара аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.