Аԥсны абырлаш аҭаара: Донбассынтәи ахҵәацәа Риҵа шыддырбаз

Аԥсны автомашьына "Тоиота Альфард" захьӡу ирықәтәоу арныҟәцаҩцәа реиҿкаара "Альфард-клуб" алахәылацәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы инхо Донбассынтәи ахҵәацәа Риҵаҟа аныҟәара рзеиҿыркааит.
Sputnik
Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа Аԥсны иҟоуижьҭеи мызкы ҵуеит. Ари аамҭа иалагӡаны дара Афон ҿыц аекскурсиа рзымҩаԥган. Уажәазы ахҵәацәа аҭааит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рбырлаш - аӡиа Риҵа.
Аныҟәара иалахәыз рцәаныррақәа - Sputnik афотолентаҟны.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра жәабран 24 рзы Аԥсныҟа иааргеит ДЖәР-и ЛжәР-и рҟынтәи ахҵәацәа, мышқәак рнаҩс иааит ахҵәацәа аҩбатәи ргәыԥ, зынӡа Аҟәа иҟан 118-ҩык. Ахҵәацәа ҩнан асасааирҭа "Аиҭар". Хәажәкыра 18 рзы 37-ҩык ахҵәацәа Луганскҟа игьежьит.
1 / 12

"Альфард-клуб" алахәылацәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы инхо Донбассынтәи ахҵәацәа Риҵаҟа аныҟәара рзеиҿыркааит.

2 / 12

Аекскурсиа амҩаԥгаҩ асасцәа ирзеиҭеиҳәон Аԥсны аҭоурыхи алегендақәеи.

3 / 12

Аҭоурыхтә жәабжьқәа реиҳа ус аныҟәара еиӷьызшьазгьы ыҟан.

4 / 12

Амҩан дара Аӡиа иаҵәагьы ддырбеит.

5 / 12

Аԥсны амилаҭтә маҭәа ахәыҷқәа ргәы иақәшәеит.

6 / 12

Аҭыԥ ԥшӡарақәа гәаларшәагас асахьақәа ҭырхуан.

7 / 12

Ахәыҷқәа аҩадарақәа ирҿалон.

8 / 12

Асасцәа, Риҵа ианнеи аӡынтәи ассир рзыԥшын

9 / 12

Риҵа асы шьҭоуп, ахәыҷқәа уи даара еигәырӷьеит.

10 / 12

Аџьџьаҳәа еицыхәмаруан, асы еигәыдырҵон.

11 / 12

Аӡиа Риҵагьы акатамаранқәа рыла ихылеит.

12 / 12

Асасцәа Аԥсны шыргәаԥхаз, аҭыԥ ԥшӡарақәа ишхырхыз рҳәеит.