Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит.
18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит. Уажәтәи алхрақәа актәи атур излеиԥшым ыҟоуп - абжьыҭара инеиуа рхыԥхьаӡара иазԥҵәоу ыҟаӡам, азакәан инақәыршәаны бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Хәажәкыра 12 рзы еиҳа абжьы зауз акандидатцәа Жәлар Реизарахь 17 ҭыԥ рҿы иқәгылоуп 34-ҩык. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ҳәсақәоуп 30-ҩык хацәоуп.
"Сара ҳаҭала аполитик идыскыло даара ирацәоуп. Аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы ламысла дазыразны днеизар акандидат, сара алхрақәа иахәҭаны ибзианы имҩаԥысит ҳәа исыԥхьаӡоит. Адепутат – аҭакԥхықәра ду зду аполитик ҳәа дыԥхьаӡоуп. Хара имгакәа Аԥсны аганахьала ирацәаны азҵаарақәа цәырҵуеит. Ган рацәала. Ҳҳәынҭқарра, ҳсуверенитет, аекономика, ҳсоциалтә бзазара. Ҳакәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳполитика инамыԥшыр ҟалаӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.