Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ аҟны ирҳәеит Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур шымҩаԥысуа

Асабша хәажәкыра 26 рзы Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Алхратә комиссиа хада аиҳабы Дмитри Маршьан Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур шымҩаԥысуа дазааҭгылеит.
Иажәақәа рыла, алхрақәа аҩбатәи ртур ахьымҩаԥысуа алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 17 рахь иаҵанакуа алхратә ҭыԥқәа аартын асааҭ 8:00 рзы.
Аԥсны ахы-аҵыхәа асааҭ 14:00 рзы рыбжьы арҭахьеит 30% алхыҩцәа, иҳәеит АКХ аиҳабы.
Иара убас иазгәеиҭеит, алхрақәа рҟны аилагарақәа ҳәа акгьы шаарԥшым.
Азакәан инақәыршәаны, бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Абжьыҭара инеираны иҟоуп ҳәа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иазԥҵәоу ыҟаӡам.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 35 ҭыԥ рзы иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. 17 алхратә ҭыԥ хадақәа рахь адепутатцәа алхуп, даҽа 17 рҿы аҩбатәи атур мҩаԥысуеит, Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы лаҵарамза 14 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.