Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны АКХ: Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгаразы алхратә ҭыԥқәа зегьы аартуп

Абжьыҭаразы алхраҭә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгаразы алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 17 рҟны иаарту 64 алхратә ҭыԥқәа зегьы русура иалагеит асааҭ 8:00 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АКХ.

Хәажәкыра 12 рзы еиҳа абжьы зауз акандидатцәа Жәлар Реизара 17 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 34-ҩык. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ҳәсақәоуп, 30-ҩык хацәоуп.

Азакәан инақәыршәаны, бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Абжьыҭара инеираны иҟоуп ҳәа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иазԥҵәоу ыҟаӡам.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур хацыркхеит
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 35 ҭыԥ рахь иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. Иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит,18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы - аиҭалхрақәа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55