Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра: алхрақәа раан еилагаракгьы аӡбахә ыҟамызт

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 26 рзы. Алхратә ҭыԥқәа аартын асааҭ 8:00 рзы, иаркын асааҭ 20:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Асааҭ 20:00 рызтәи аҭагылазаашьала апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур аан ауаажәларратә зинеиҿкаара аилагаразы дыррак ыҟамызт ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аԥсны Алхратә комиссиа хадагьы адырра ҟанаҵахьан асааҭ 20:00 рзы атәылаҿы еилагарак аҭыԥ амамызт ҳәа.
Иара убас иазгәаҭоуп алхратә ҭыԥ хадақәа 17 рҿы ауаажәларратә зинеиҿкаара ахьчаразы 600-ҩык аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рнапы шалакыз.
Уи адагьы, амчратә усзуҩцәа АКХ ахь алхратә комиссиақәа рлахәылацәа анцоз ирыцын, алхратә документациа рыхьчон.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшоуп
Алхратә комиссиа хада аусура анхыркәшахалак ашьҭахь, Аконфедератцәа рымҩа ахәҭа, Арӡынба имҩа инаркны Лакоба имҩаҟынӡа иахьарку аартхоит.