Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габуниа афатә-ажәтә ахәқәа рышьақәгылара акризис аамҭазы

Аиҳабыра азхәыцуеит аамҭа хьанҭазы абизнес излацхрааша, ахәқәа шышьақәдыргылаша. Азиндырҩы Гьаргь Габуниа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит игәаанагара, афатәқәа рыхәқәа рышьақәыргыларазы иаҭаху.
Sputnik
Гьаргь Габуниа игәаанагарала, ахәқәа рышьҭыҵра аанкылара алыршахоит абылтәы ахә лаҟәыр.
"НДС аларҟәрала ахәқәа узыларҟәӡом. Афатә иақәшәаӡомызт НДС. Убри аҟнытә уи аԥыхуп ҳәа рыхәқәа анырра рынаҭаӡом. Ахәқәа рышьҭыҵра глобалтә ҭагылазаашьоуп. Урҭ анырра рызҭо абылтәы ахә ашьҭыҵроуп. Абылтәы аҟынтә НДС аԥаҳхыр, иара абылтәы ахә маҷхоит. Ари аус ирлас иазнеитәуп. Убри аан аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ирацәаны ацәыӡ аиуӡом егьырҭ атауарқәа ирықәу НДС иабзоураны", - ҳәа иҳәеит Габуниа.
Азиндырыҩ игәаанагарала аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа Урыстәылантәи ишиашоу ралагалара, усҟан ахәқәа раанкылара аус иаҳа алҵшәа аиуеит ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.