АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Дарбанзаалак аӡәгьы аибашьра иҭахӡам, аха аиадертә еибашьра еснагь ашәарҭара ыҟоуп, НАТО атәылақәагьы Урыстәылоуп рабџьар зықәку. Урыстәылагьы иара убас абџьар зықәку дара роуп. Ус анакәха, аҭакԥхықәратә политика мҩаԥгалатәуп иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, РИА Новости аинтервиу аҭо.
Иара иҳәеит "аиадертә еибашьра адунеитә цивилизациазы ишәарҭоуп" ҳәа.
"Уаанӡа акомандаҟаҵаҩ хада иаҳасабала саныҟаз аахыс ибзиаӡаны издыруеит уи иахылҿиарц иалшо. НАТО атәылақәа Урыстәылоуп рабџьар зықәку. Урыстәылагьы иара убас абџьар зықәку дара роуп. Ус анакәха, аҭакԥхықәратә политика мҩаԥгалатәуп, ихәыцлатәуп", - иҳәеит иара.
Медведев 1962 шықәсазтәи Карибтәи акризис игәалаиршәеит, иҳәеит иара Еиду аштатқәа, Асовет Еидгыла, НАТО, Варшаватәи аиқәшаҳаҭрақәа ртәылақәа рхы рнапахьы ишнанагаз.
"Усҟан аибашьра хьшәашәа цон. Уажәы еицәоуп, избанзар усҟантәи ҳоппонентцәа аҭагылазаашьа ари аҩыза аҟынӡа инарымгеит", - иҳәеит Медведев.
Иазгәеиҭеит аӡәгьы асанкциақәа шалеимгалоз.
"Брежнев, Подгорныи, Косыгин рганахь асанкциалагалара аӡәгьы ихаҿы неишьа амамызт. Еилыркаауан ишылҵшәадаз. Иахьа асанкциақәа аларгалеит, арахь, иаҳҭахы иаҳҭахым ҳаицәажәалароуп. Убри аан асанкциақәа ҳабжьоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Иахьа Урыстәылеи Мраҭашәареи рыбжьара аибашьра хьшәашәа аамҭақәа раан аасҭа аизыҟазаашьақәа еицәоуп ҳәа иҳәеит Медведев.